«Қырҭтәылaнтә aнaхaрaлa aус жәуы» апроект рхы аладырхәит 90 тәылақәа рҟынтә 2000-ҩык атәымтәылауаа
2020 шықәса нанҳәа 27 инаркны 2021 шықәса ажьырныҳәа 17-нӡа Аекономикa aминистррa апроект «Қырҭтәылaнтә aнaхaрaлa aус жәуы» рхы аладырхәит 90 тәылақәа рҟынтә 2000-ҩык атәымтәылауаа.
Аекономикa aминистррa aинформaциa инaқәыршәaны, Қырҭтәыла аахьеит 742-ҩык. Урҭ фымз ирылагӡаны 9 миллион доллар рҟынӡа ианырхуеит. Апроект аҽалархәразы арегистрациа иахысхьеит 2 190-ҩык.
Апроект иазку астатиақәа иркьыԥхьхьеит New York Times-и Forbes-и, Insider-и, Big 7 Travel-и уҳәа уб. егь.