Қырҭтәылантә ачарыц аекспорт азы ишьақәыргылаз ақәиҭымтәра иахьа инаркны иаҧыхуп
Қырҭтәылантә ачарыц аекспорт азы ишьақәыргылаз ақәиҭымтәра иахьа инаркны иаҧыхуп

Аиҳабыра рыӡбарала, ачарыц аекспорт азы ишьақәыргылаз ақәиҭымтәра аҿҳәаранӡа иаҧыхуп. Қырҭтәыла Актәи аканал ари аинформациа азышьақәдырҕәҕәеит Аҧсабаратә лагылазаареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрраҟны.

Ҵыҧх, Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала,  2022 шықәса ҧхынгәы 4 инаркны  2023 шықәса ҧхынгәы 4-нӡа, Қырҭтәылантә ачарыц аекспорт азы ақәиҭымтәра шьақәыргылан.

Мышқәак раҧхьа, аҧсабаратә лагылазаареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Оҭар Шамугиа ишиҳәаз ала, афатәаалыҵ ала аиқәыршәара  аганахаьала атәылаҿ изакәызаалак проблемак иҟам, убри аҟынтә, зыӡбахәы ҳәоу ақәиҭымтәра аҧыхра ҟалоит.