Қырҭтәыла визитла даҭааит Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак, иара  «Трамп имаршрут» иадҳәалоу азҵаара далацәажәоит
Қырҭтәыла визитла даҭааит Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак, иара  «Трамп имаршрут» иадҳәалоу азҵаара далацәажәоит

Визитла Қырҭтәыла даҭааит Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак Џьонатан  Асконас.

Ари атәы аанацҳаит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа.

«Ҳара гәахәарала Қырҭтәыла дҳадаҳкылоит Америка Аҳәынҭқарратә департамент Џьонатан  Асконас. Иара Қырҭтәыла даҭааит Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи рзы  “Трамп имаршрут» адгылара иахьынӡалшо алацәажәаразы. Ари атранспорттә корридор аҧҵахоит нанҳәа 8 рзы Америка абжьацәажәарала  Азербаиџьани Шәамахьтәылеи  рыбжьара имҩаҧгаз аҭынчрачаҧаратә саммит абзоурала.  Иахьа шьыжьымҭан адоктор  Асконас ахазхалхра-аужьҭратә пункт  “Садахло” даҭааит, ари апункт аргылареи аибыҭареи мҩаҧысуеит Америка ацхыраарала. Ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Асконас, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, аиҳабыра радминситрациеи, жәларбжьаратәи афинанстә институтқәеи рхаҭарнакцәа дырҧылоит», — иануп Америка ацҳаражәҳәарҭа аинформациаҿы.