Қырҭтәыла Нато астандартқәа ирышьашәалоу ашәақь GI-4 ааглыхра иалагоит
Қырҭтәыла Нато астандартқәа ирышьашәалоу ашәақь GI-4 ааглыхра иалагоит

“Дельта” абазаҿ ақырҭуа-израильтәи ааглыхырҭа “Дельта САА” аартит. Қырҭтәыла Нато астандартқәа ирышьашәалоу ашәақь GI-4 ааглыхра иалагоит.

Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, апроект ианқәыршәаны, Нато астандартқәа ирышьашәалоу ашәақьқәа GI-4 Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа роуеит. Автоматтә хымцабџьар GI-4 (5.56) аҭыԥантәи ааглыхра апроект анагҿаӡара апроцесс иалагеит Иракли Ӷарибашвили  Атәылахьчара министрс даныҟаз аамҭазы.

Аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, ақырҭуа-израильтәи ааглыхырҭаҿ автоматтә хымцабџьар GI-4 (5.56) атехнологиатә процесс наӡа аҭыԥ аҿы мҩаԥгахоит.

Нато астандартқәа ирышьашәалоу автоматтә хымцабџьар ааглыхра иалагеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистреи Израильтәи еилахәыреи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵарҩит Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷуалӡеи израильтәи еилахәыла ахаҭарнакцәеи.