Қырҭтәыла Лиетувантә ҳамҭас 15 000 адоза алаҵа “Астразенека” аиуит. Алаҵа Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазахь ааргахьеит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟтәи аусқәа рминистра аҟынтә.
Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ аидара аԥылара рхыаладырхәит Қырҭтәыла Адәныҟтәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандре Хвҭисиашвилии Қырҭтәыла иҟоу Лиетува ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ Саулиус Валаиниси.
Лиетува Аиҳабыра рыӡбарала,Covid-19 азыалаҵақәа мрагыларатә партниора иалоу хтәылак – Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи роуит.