Қырҭтәыла ихарҭәаау азҵаабҕьыц Еврокомиссиашҟа идәықәнаҵоит лаҵара 2 рзы
«Ашәахьазы Қырҭтәыла аиҳабыра Еврокомиссиашҟа идәықәырҵоит ихарҭәаау азҵаабҕьыц актәи ахәҭа», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.
Иара иҳәамҭала, иахьа ари азҵаара иалацәажәон Қырҭтәыла аҧыза-министр инапхгарала имҩаҧгаз Европатәи интеграциазы аиҳабыратә комиссиа аилатәараҿы.
«Азҵаабҕьыц актәи ахәҭа ахарҭәаара иалахәын аиҳабыратә усбарҭақәа зегьы, аусура ду мҩаҧган, ашәахьазы Қырҭтәыла аиҳабыра ихарҭәаау азҵаабҕьыц Еврокомиссиашҟа идәықәырҵоит», — иҳәеит Дарчиашвили.
Дарчиашвили иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атәылаҿы крызҵазкәа ареформақәа мҩаҧган, убри аҟынтә, Қырҭтәыла зыӡбахәы ҳәоу азҵаабҕьыц азы ибзианы иазыҟаҵоуп.