Қырҭтәыла ишьаҭаркуп Ақырҭуа ҳақьымцәа жәларбжьаратәи рассоциациа
Қырҭтәыла ишьаҭаркуп Ақырҭуа ҳақьымцәа жәларбжьаратәи рассоциациа

Қырҭтәыла ишьаҭаркуп Ақырҭуа ҳақьымцәа жәларбжьаратәи рассоциациа. Аиҿкаара иалоуп Қырҭтәылеи аҳәаанырцәи аус зуа ақыҭуа ҳақьымцәа.

Аҳақьымцәа ишырҳәаз ала, уажәтәи аетап азы ахадаратә ҳасабтәс ирымоуп азеиҧш ҽазышәарала апандемиа аҿагылара.

«Ҳара ҳазынтәгьы, аҳәаанырцәгьы атәыла аҩнуҵҟагьы аус зуа аҳақьымцәа, ҳамчқәа еидаҳкыларц ҳаӡбеит.  Ассоциациа алахәылацәа апандемиа мацара акәымкәа, актуалтә ҵакы змоу егьырҭ апроблемақәа рзгьы аус руеит. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ҳара ҳҟны аусеицура иақәшаҳаҭхар, ҳара иҟаҳҵо абжьаагарақәа иазҧхьагәарҭар, асистема иаҳа еиҕьхоит. Аидгылареи аусеицуреи ала иаҳа еиҕьу алҵшәақәа ҳауеит», —  илҳәеит аиҿкаара ашьаҭаркҩы Софио Бериӡе.