Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу ахеилак ахь хҩык аҿыц аӡбаҩцәа иалхуп
Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу ахеилак ахь хҩык аҿыц аӡбаҩцәа иалхуп

Аӡбаҩцәа изаамҭаным  33-тәи рконференциаҿы Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак ахь хҩык аҿыц аӡбаҩцәа иалхуп.  270ҩык аӡбаҩцәа рыӡбарала, Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак ахь ҧшьышықәса аҿаҳәара рыҭаны иалхуп  Иракли Бондаренкои, Қеҭеван Цинцаӡеи,  Резо Надараиеи.

Аҿыц алахәылацәа иалхтәын Ахеилак ҧасатәи алахәылацәа  — Қеҭеван Цинцаӡеи, Ҭемур Гогохиеи,  Леван Миқабериӡеи рнапынҵақәа рыҿҳәара анҵәара амшала.

Қырҭтәыла Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак 15ҩык алахәылацәа рыла  ишьақәгылоуп, урҭ рҟынтә  9ҩык иӡбаҩцәоуп, 6ҩык иӡбаҩцәам. Иӡбаҩцәам алахәылацәа иқәдыргылоит атәыла ахадеи апарламенти.