Аныҳәа ду инамаданы, Анцәа иан лылацәеиқәыҧсара ахьӡала иҟоу қарҭтәи аныхабааҿ амшаҧытә Анцәа имаҵзура мҩаҧган. Ишаҧу еиҧш, алитургиа мҩаҧигеит аепископ Џьузеппе Пазотто.
«Иаса игылара агәырҕьа ду ацуп. Ҳара ҳазынтәгьы ауадаҩрақәа ҳамазар ауеит, адунеиаҿ аибашьрақәа мҩаҧысуеит, убри аҟынтә, хымҧада иаҳҳәароуп: Қьырса дыбзахеит! Қьырса дыбзахеит – арҭ ажәақәа иаанагоит аҧсра аҵахеит ҳәа, арҭ ажәақәа иаанагоит ҳара еснагь агәыҕра шҳамазаауа, Қьырса ибзахара абзоуралоуп ҳара агәыҕра шаҳцәырҵыз! Акатоликцәа, апротестанцәа, ашәамахьцәа, иахьа ари аныҳәа ду азгәазҭо ауааҧсы зегьы, иара убас, мызкы ашьҭахь иазгәазҭогьы ирыдысныҳәалар сҭахуп, избанзар, ҳазынтәгьы ҳқьырсианцәоуп», — иҳәеит аепископ Пазотто.