Қырҭтәыла , раҧхьаӡа акәны , имҩаҧгахоит жәларбжьаратәи аҽазыҟаҵарақәа MAPLE ARCH 21.
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрра адырра ала, аҽазыҟаҵарақәа еиҿнакаауеит Канада атәылахьчара аминистрра , аха имҩаҧыргоит ақырҭуа аган — Арбџьармчқәа рымшынтә флот Мрагыларатә аҧызара.
Аминистрра аинформациа инақәыршәаны, ҩымчыбжь инагӡахо аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧгахоит Аҽазыҟаҵареи ахәшьараҭареи азы НАТО-Қырҭтәылатәи ацентр (JTEC) аҿы, абҵаразы.
«Канадатәи аинструкторцәа ирывагыланы, аҽазыҟаҵарақәа В MAPLE ARCH 21 рхы рыладырхәоит ақырҭуа инструкторцәагьы. Апроцесс иалахәхәоит Канадеи, Қырҭтәылеи, Литвеи, Украинеи, Польшеи, Ҭырқәтәылеи арратә маҵзуҩцәа», — иануп Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациаҿы.