Қырҭтәыла иҟоу Европа Ашәарҭадареи Аусеицуреи рзы Аиҿкаара ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Мальта Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иан Борџьи
Қырҭтәыла иҟоу Европа Ашәарҭадареи Аусеицуреи рзы Аиҿкаара ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Мальта Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иан Борџьи

Қырҭтәыла иҟоу Европа Ашәарҭадареи Аусеицуреи рзы Аиҿкаара ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Мальта Адәныҟатәи аусқәеи, ахәаахәҭреи европатәи аусқәеи рминистр Иан Борџьи.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Иан Борџьи Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили диԥылеит. Аиԥылараҿ аганқәа Европа Ашәарҭадареи Аусеицуреи рзы Аиҿкаара уажәтәи апроцессқәа  ирыхәаԥшит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистра аинформациала, Илиа Дарчиашвили шьақәирӷәӷәеит Қырҭтәыла аиҿкаара аҿаԥхьа иҟоу азҵаарақәа рҿалархәра шазыхиоу.

Аиԥылараҿ иазааҭгылеит урыстәыла-қырҭтәылатәи аимак иазку азҵаарақәа.