Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәара - Урыстәыла ала Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рызхаҵареи аҭакԥхықәрақәа реилагареи арегин аҿы арратә мчқәа рырӷәӷәареи еиҭах ҳаҿагылоит
Иахьа Евроеидгыла Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аимак ҟалеижьҭеи 13 шықәса ҵра азгәанаҭоит. Урыстәыла ала Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рызхыҵареи 2008 шықәса нанҳәа 12-тәи еиқәшаҳаҭрала агаз аҭакԥхықәрақәа реиоагареи арегин аҿы арратә мчқәа рырӷәӷәареи еиҭах ҳаҿагылоит, – иануп Қырҭтәылеи рыбжьара аимак ҟалеижьҭеи 13 шықәса ҵра инамаданы Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәара аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Аҳамҭа аҿы ишану ала, Евроеидгыла аимак аан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра рзинқәа рыхьчара нанагӡоит.
“Арҭ азинқәа еиларгоит, лымкаала “абордеризациеи” аиасртә пунктқәа рыркрыеи, изакәаным аанкыларақәеи рыла. Апандемиаан абри еиԥш аилагарақәа аҭынч уаԥсыра аԥхасҭа ду рзаанагеит, аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара дууп, лымкаала амедицинатә цхыраара зҭаху ауааԥсыра рыбжьара. Урҭ аиҭаҵразы ирзышьақәдыргылаз аԥкра аԥыхтәуп. 2021 шықәса ажьырныҳәа 21 рзы Ауаҩытәыҩа изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа аҭоурыхтә аӡбара аднакылеит, ацәгьаура цыԥхьаӡа иашьашәалоу ақәҿыҭра аиуроуп.
Аимак ҭынч мҩала аҭыԥқәҵара еиҭах ҳадгылоит, ҳадгылоит Женеватәи адискуссиақәа Евроеидгыла аҽалархәра, Аахыҵ Кавкази Қырҭтәылеи рҿы акризисқәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак иусзуреи, аҭыԥ аҿы иҟоу еснагьтәи анаԥшратә миссиа аусура алшара рыҭареи.
Шьақәҳарӷәӷәоит Евроеидгыла Қырҭтәыла ахьыԥшымреи, асуверенитети жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны атерриториатә акзаара шадгыло,” – иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аҿы.