Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаԥшратә миссиа анапхгаҩ ҿыц дықәдыргылеит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаԥшратә миссиа анапхгаҩ ҿыц дықәдыргылеит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаԥшратә миссиа анапхгаҩ ҿыц дықәдыргылеит.

Аинформациа Евроеидгыла ахеилак авебдаҟьа ианылеит. Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаԥшратә миссиа анапхгаҩ ҿыц Димитриос Карабалис иоуп.

Карабалис Бырзентәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Урыстәылеи, Украинеи, Молдовеи, Аахыҵ Кавкази Ацентртә Азиеи рдепартамент адиректорс аус иуан.

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаԥшратә миссиа анапхгаҩ ҿыц инапынҵақәа рынагӡара далагоит 2023 шықәса жәабран 1 инакны.