Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла аделегациеи Америка ацҳаражәҳәареи еицыҟарҵаз аҳәамҭа
«Амилаҭтә ҵысра» аҟынтә адепутатцәа апарламент алалара иазкны аӡбара анрыдыркыла ашьҭахь, 150ҩык апарламент адепутатцәа алхрақәа раан ажәлар рнапы ианырҵаз аҧхықәрақәа рынагӡара иалагоит, уи Қырҭтәыла адемократиатә институтқәа рырҕәҕәара иазку даҽа шьаҿак ауп, — иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла аделегациеи Америка ацҳаражәҳәареи еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
Убри аамҭазы, аҳәамҭа авторцәа даараӡа иаргәамҵуеит «Амилаҭтә ҵысра» Шарль Мишель идокумент анапаҵаҩра ахьырҭахымхаз.
«Иаку амилаҭтә ҵысра, егьырҭ апартиақәа реиҧшҵәҟьа, аиашаӡбара азҵаарақәеи, алхратәи аӡбаратәи системақәа рреформеи, егьырҭ зҵакы дуу азҵаарақәеи рзы апарламент аусура аҽалархәразы аҭак рыҧхықәуп. Иаку амилаҭтә ҵысра аиқәшаҳаҭра рыдыркылазҭгьы, Қырҭтәылеи уи атәылауааи ринтересқәеи, Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәеи, Қырҭтәыла евроатлантикатә аҧеиҧши рыхьчаразы абарҭ ахадаратә азҵаарақәа рыӡбара ишазыхиоу аадырҧшуан.
Мшаҧы 19 рзы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра уажәгьы анапаҵаҩразы аартуп», — иануп аҳәамҭаҿы.