Қырҭтәыла иҟоу Британиа ду ацҳаражәҳәара аполитикатә субиектқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭагылазаашьа аҭышәынтәыларазы зегь ҟарҵарц
Қырҭтәыла иҟоу Британиа ду ацҳаражәҳәара аполитикатә субиектқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭагылазаашьа аҭышәынтәыларазы зегь ҟарҵарц

Қырҭтәыла иҟоу Британиа ду ацҳаражәҳәара аполитикатә субиектқәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭагылазаашьа аҭышәынтәыларазы зегь ҟарҵарц.

Британиа адипломатиатә хаҭарнакра асоциалтә каҭаҿы аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Аҭагылазаашьа цәгьоуп, Қырҭтәыла аҩыза тәыла аҳасабла, аганқәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы зегь ҟарҵарц, евроатлантикатәи аструктурақәа рахь аинтеграциа амҩаҿ Қырҭтәыла апрогресс анагӡара иадгыларц. Кыраамҭа инагӡо акризис аӡәгьы ринтересқәа ирылам, Қырҭтәыла атәылауаа еиӷьу аԥеиԥш ирықәнагоит,» – иануп аҳәамҭа аҿы.