Қырҭтәыла иҟоу Болгариа ацҳаражәҳәаҩ  - Қырҭтәыла ахатә инфраструктуратә алшарақәа рырҿиара иазҿлымҳауп, уи аҵакы ду амоуп
Қырҭтәыла иҟоу Болгариа ацҳаражәҳәаҩ  - Қырҭтәыла ахатә инфраструктуратә алшарақәа рырҿиара иазҿлымҳауп, уи аҵакы ду амоуп

«Ҳара амшынла ҳаигәылацәоуп, апарантә аимадара ҳабжьоуп. Қырҭтәыла ибзиаӡаны еилнакаароуп Азиеи Европеи реимадара аганахьала алшарас иамоу, уи аҵакы ду амоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Болгариа ацҳаражәҳәаҩ.

Ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Ацентртә Азиантә Китаиҟа, иара убас, Европаҟа аидара амҩангаразы ахатә инфраструктуратә алшарақәа рырҿиара иазҿлымҳауп, уи даараӡа ибзиоуп.

«Убри аҟынтә, Қырҭтәылантә иаҳа аҽазышәареи Евроеидгылаҟны иаҳа аимадареи аабар ҳҭахуп. Уажәааны ҳара  ТРАСЕК аиҧылара ҳаман. Болгариантә ахантәаҩра Қырҭтәылашҟа ииасит. Ари акорридор арҿиара шырҭаху аабеит, ҳара ҳазынтәгьы уи ҳҭахуп. Агәра ганы сыҟоуп ари ахықәкы шынагӡахо», — иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.