Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иадҳәаланы Естониеи, Латвиеи, Лиетувеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа аҳәамҭа еицыҟарҵеит – Акризис аҭышәныртәалараҿ азакәан аиҳаӡареи аполитикатә диалог аҵак дуи рымоуп
Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иадҳәаланы Естониеи, Латвиеи, Лиетувеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
«Ҳара, Евтониеи, Латвиеи, Лиетувеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа агәынамӡара ааҳарԥшуеит Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иадҳәаланы, аполитикатә мчқәа рахь ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа аҭышәныртәларазы ирылшо зегь ҟарҵарц, Қырҭтәыла аинтересқәеи ауааԥсыра ринтересқәеи иазыԥхьагәаҭаны аконструктивтә алҵшәа рыԥшаарц. Акризис аҭышәныртәалараҿ азакәан аиҳаӡареи аполитикатә диалог аҵак дуи рымоуп.
Агәынамӡара ааҳарԥшуеит аоппозициатә партиа «Иаку амилаҭтә ҵысра» алидер Ника Мелиа иаанкылара иазкны. Арҭ арискқәа анапхгаратә партиеи аоппозициеи рыбжьара адиалог ашәарҭа ҭаднаргылоит.
Қырҭтәыла аԥеиԥш ахақәиҭреи, адемократиеи зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра шадҳәалоу ҳгәыӷуеит. Қырҭтәыла атәылауаа адемократиатә евроатлантикатәи ауаажәларра рзааигәахареи Евроеидгылеи Натои рҿы аинтеграциеи алырхит, ари пату ақәаҳҵоит. Амбициатә политикатә хықәкқәа рыхьӡара аус аҿы аполитикатә ҭышәынтәалара аҵак ду амоуп,» – иануп аҳәамҭа аҿы.