Қырҭтәыла  FAO ахеилак алахәылас иҟалеит
Қырҭтәыла  FAO ахеилак алахәылас иҟалеит

Қырҭтәыла  ЕАР Афатәаалыҵтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (FAO)  ахеилак алахәылас иҟалеит ҩышықәса аҿҳәарала, 2023шықәса ҧхынгәы  7 инаркны 2025 шықәса рашәара 30-нӡа.

Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы ишырҳәаз ала,  ари аӡбара рыдыркылеит  2023 шықәса ҧхынгәы 1-7 рзы Рим имҩаҧысуаз  FAO  43-тәи аконференциаҿы.

ЕАР Афатәаалыҵтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (FAO)  ахеилак  иалоуп  ҩышықәса рыла знык иалырхуа 49 ҳәынҭқаррақәа.

Ари аиҿкаара ахеилак – анагӡаратә органуп. Ахеилак аусура,  бжеиҳарала,  афатәаалыҵи ақыҭанхамҩеи аусхкқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәеи, иара убас,  аиҿкаара аусура апрограммеи, абиуџьети, административтәи афинанстәи напхгараҭареи иазкуп.