Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш амоуп -  Euronews  аҿы икьыҧхьуп Саломе Зурабишвилии Шарль Мишели еицырыҩыз астатиа
Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш амоуп -  Euronews  аҿы икьыҧхьуп Саломе Зурабишвилии Шарль Мишели еицырыҩыз астатиа

«Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш амоуп », — абас ахьӡуп  «Евроньюс» иаланарҵәаз, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии   Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишели еицырыҩыз астатиа.

Астатиаҿы аганқәа рхаҭарнакцәа лаҵара 19 рзы ақырҭуа политикатә лидерцәа рнапы зҵарҩыз адокументи Қырҭтәыла аперспективақәеи ирылацәажәоит.

«Адиалоги акомпромисси рыла, ақырҭуа политикатә лидерцәа дара ирыбжьаз аҳәатәеиқәымшәара  иамыхәаҧшкәа, атәыла иахәаша аӡбара рыдыркылеит. Абри зегьы европатәи адоуҳала иҟаҵан, уи адемократиа аганахьала арегион аҿы аҧхьагылара змоу атәыла ҳасабала Қырҭтәыла аимиџь шьҭнахит.  Ҳара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит рхы иадырҵаз аҧхықәрақәа нарыгӡарц. Зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра  — Қырҭтәылеи,  уи ауааҧсыреи, Евроеидгылеи риааироуп», — иануп астатиаҿы.

Астатиа авторцәа ргәы ишаанаго ала,  аиқәшаҳаҭра  —  «Қырҭтәыла иҕәҕәоу адемократиатә институтқәа риааира ауп». Убри аҟынтә, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәаразы аперспектива цәырҵит.

«Иаҳзеиҧшу аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны, уажәшьҭа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи хшыҩзышьҭра ҷыда азыруроуп Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анагӡареи аусеицура арҭбаареи азҵаара. Ҩ-ганктәи аусхәаҧштә инаваргыланы, ҳара  иаҳа ирҕәҕәоу, ирҿыцу  «Мрагыларатә партниорра» аҿгьы аус еицаауеит, уигьы ҳаизыҟазаашьақәа рырҭбаара иацхраауеит.

Евроеидгылеи ассоциациатә партниорцәеи реизыҟазаашьақәа рышьақәырҕәҕәаразы, ҳара алидерцәа ирыдаагалоит  иааиуа амзақәа рзы Украинеи Молдовеи рхадацәа ирҧыларц.

Арегион аҿы азҳара иаҿу агеополитикатә ақәыҕәҕәара афонаҿ Қырҭтәылеи Европеи  еицыҟарҵаз аҭак еиҕьу акгьы иҟам», — иануп астатиаҿы.