Қырҭтәыла даҭаауеит Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр
Қырҭтәыла даҭаауеит Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр

Лаҵара 14 -15 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр Ларс Локе Расмуссен.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

«Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили диҧылоит.  Ларса Локе Расмуссе ицуп Даниа абизнес-делегациа, аминистри абизнес-делегациа алахәылацәеи Қырҭтәыла авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили иҧылоит.

Иара убас, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Даниа адәныҟатәи аусқәа рминистри ақырҭуа иколлега Илиа Дарчиашвилии Қырҭтәыла Даниа ацҳаражәҳәарҭа аадыртуеит.

Ларс Локе Расмуссен ампыҵахалатә цәаҳәашҟа днеины, аҭыҧаҿы аҭагылазаашьа ибоит», — иануп аофициалтә информациаҿы.