Қырҭтәыла даҭаауеит Даниа Адәныҟатәи аусқәа рминистр
Қырҭтәыла даҭаауеит Даниа Адәныҟатәи аусқәа рминистр

Хәажәкыра 30 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Даниа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иепе Кофод.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа мҩаԥгахоит Қырҭтәыла аиҳабыра алахәылацәа рҟны, урҭ рыбжьара Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии, вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани, апарламент адныати еизыазаашьаа ркомитет ахантаы Николоз Самзара, вице-спикер Леван Давиашвили.

Аиԥыларақәа раан аганқәа ирыхәаԥшуеит Қырҭтәылеи Даниеи ҩганкалатәи реизыҟазаашьақәа азҵаарақәеи арегиони адунеи рзы ихадароу азҵаарақәеи.