«Қырҭтәыла даҭаауеит Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ ҿыц», – аарыцҳаит Қырҭтәыла иҟоу Британиа ду ацҳарадәҳәара аҟынтә.
Ацҳаражәҳәара аинформациа ала, Марк Клеитон ицынхәраз ацҳаражәҳәаҩ иҭыԥ ааникылоит Гаррет Уорд, Клеитон аусзура наигӡоит Британиа Ду адипломатиатә маҵзураҿы.
«Аԥхын азы Қырҭтәыла даҭаауеит Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ ҿыц. Марк Клеитон ицынхәраз ацҳаражәҳәаҩ иҭыԥ ааникылоит Гаррет Уорд. Ԥшыышқәсатәи амиссиа ахыркәшара ашьҭахь, Клеитон аусзура наигӡоит Британиа Ду адипломатиатә маҵзураҿы. Гаррет Уорд ацҳаражәҳәаҩыс дықәдыргылоит 2024 шықәса нанҳәа инаркны», – аарыцҳаит Қырҭтәыла иҟоу Британиа ду ацҳарадәҳәара аҟынтә.
Гаррет Уорд Британиа Ду адмпломатиатә маҵзураҿы аус иуеит 1998 шықәса инаркны.