Қырҭтәыла даҭаауеит Амшынеиқәатәи аекономикатә усеицуразы аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада
Амшынеиқәатәи аекономикатә усеицуразы аиҿкаара (BSEC) амаӡаныҟәгаҩ хада Лазар Команеску Қырҭтәыла даҭаауеит.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟынтә ишаарыцҳаз ала, жьҭаара 17-19 рзы имҩаҧысуа авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Лазар Команеску Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани диҧылоит.
«Аиҧылара аан Амшын еиқәа абассеин аҿы аекономикатә усеицура аперспективақәеи ашәарҭадара аганахьала уажәазы арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи иалацәажәоит.
Иара убас, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Амшынеиқәатәи аекономикатә усеицуразы аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада, Қырҭтәыла апарламент аҿы, акультура азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Елисо Болқваӡе дылҧылоит. Қырҭтәыла BSEC аҿы ахантәаҩра амазаауеит 2021 шықәса ҧхынгәы 1 инаркны ҧхынҷкәын 31-нӡа», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырраҿы.