Қырҭтәыла даҭааит Германтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр
Қырҭтәыла даҭааит Германтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр

Амиграциа иазку аиқәшаҳаҭра араԥаҵаҩразы Қырҭтәыла даҭааит Германтәы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Ненси Фезер. Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәара аинформациала, Фезер длыцны даауеит Германтәыла аиҳабыра рхаҭарнак ҷыда Иоахим Штамп. Ақырҭуа ган аҟынтә аиқәшаҳаҭран инапы аҵаиҩуеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури.

Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәара аинформациала, аиқәшаҳаҭра илегалым амиграциа армаҷразы ихырҳагахоит, ари аҩтәылак ринтереқәа ирылоуп.