Ҭырқәтәылатәи ареспублика Амилаҭтә аизаара ду ахантәаҩы Мустафа Шентоп Қырҭтәыла даҭааит.
Ҭырқәтәыла апарламент ахантәаҩы аҳаирбаҕәазаҿы иҧылеит Қырҭтәыла апарламент актәи авице-спикер Гьаргь Вольскии Адиаспори Кавкази азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Беқа Одишариеи.
Ҭырқәтәыла Амилаҭтә аизара ду ахантәаҩы Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили диҧылоит. Анеҩс, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Ҭырқәтәыла апарламенттә делегациа алахәылацәа рҟны ирҭбаау аиҧылара мҩаҧигоит.
Аиҧылара ашьҭахь, Шьалуа Папуашвилии Мустафа Шентопи Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рпарламентқәа рыбжьара аусеицура иазку адокумент рнапы аҵарҩуеит.
Аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура.