Қырҭтәыла азҵаабҕьыц ихарҭәаау аҩбатәи ахәҭа  Еврокомиссиа аднагалоит лаҵара 10-нӡа
Қырҭтәыла азҵаабҕьыц ихарҭәаау аҩбатәи ахәҭа  Еврокомиссиа аднагалоит лаҵара 10-нӡа

Қырҭтәыла азҵаабҕьыц ихарҭәаау аҩбатәи ахәҭа  Еврокомиссиа аднагалоит лаҵара 10-нӡа

Қырҭтәыла азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭагьы ханарҭәааит.  Евроеидгылашҟа аинтеграциа азҵаарақәа рзы аиҳабыратә комиссиа аилатәара ашьҭахь адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили ишиҳаз ала,  азҵаабҕьыц ихарҭәаау аҩбатәи ахәҭа  Еврокомиссиа адыргалоит  лаҵара 10-нӡа.

«Ҳара азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа аус адулара ҳалгахьеит. Адокумент атехникатә ганахьала мацара ирмазеитәуп, 10-нӡа аҩбатәи ахәҭагьы Еврокомисиашҟа идәықәаҳҵоит», — иҳәеит Дарчиашвили.