Қырҭтәыла ахадеи Литва актәи аледии Вильниус иҟоу Украинатәи ацентр иаҭааит
Қырҭтәыла ахадеи Литва актәи аледии Вильниус иҟоу Украинатәи ацентр иаҭааит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии Литва актәи аледи Диана Науседенеи Вильниус иҟоу Украинатәи ацентр иаҭааит, ари ацентр   украинатәи  ахҵәацәа реиҭашьақәыргылара иазкуп.

Ацентр ишьаҭаркын  2022 шықәса рашәарамзазы, Литвеи Украинеи актәи аледицәа ринициативала. Ацентр хықәкыс иамоуп украинаа иаарту аҵаратә қәыҧшылара рзеиқәырәшареи, апсихологиатәи амедицинатәи цхыраара рыҭареи, ахәыҷқәа рзы еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа реиҿкаареи, еиуеиҧшым абызшәақәа рырҵареи, Литва аҵакырадгьылаҿ украинатәи аҭынхара арҿиареи.

Литва актәи аледи Қырҭтәыла ахада идлырдырит ацентр аусура аҷыдарақәа, лара ишылҳәаз ала, ацентр жәларбжьаратәи адгылара ду амоуп, уи убарҭоуп Қырҭтәыла ахада лвизит алагьы.

Лара Қырҭтәыла ахада аҳамҭақәа рзы ҭабуп ҳәа лалҳәеит, Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа иалҳәеит ацентр аҿы имҩаҧысуа еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рыдгыларазы.

Қырҭтәыла ахада ишылҳәаз ала, ақырҭуа жәлар Украинеи аукраин жәлари ҕәҕәала ирыдгылоит, уи убарҭоуп Қарҭ амҩақәа рҿгьы.

Қырҭтәыла ахада аукраин хәыҷқәа ҳамҭас ирылҭеит ахәыҷтәы шәҟәқәеи Қырҭтәылантә иналгаз  атрадициатә ақырҭуа ахаатәқәеи.