Қырҭтәыла ахада ладминистрациа мшаҧы 9 рзы имҩаҧысраны иҟоу ауснагӡатә иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла ахада ладминистрациа мшаҧы 9 рзы имҩаҧысраны иҟоу ауснагӡатә иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҳәамҭа ишану ала, Саломе Зурабишвили еиуеиҧшым аусхкқәа ирхаҭарнакцәоу аҳәса ахьлыдылкыло ауснагӡатә изакәызаалак ак ала аполитика иадҳәалам, иарбанызаалак аҵысра аҧҵара иазкым.
«Уаҵәы, мшаҧы 9 рзы, Қырҭтәыла аҭоурыхаҿ зҵакы дуу амш азы, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә аопереи абалети атеатраҿ, Қырҭтәыла ахада еиуеиҧшым аусхкқәа ирхаҭарнакцәоу аҳәса дырҧылоит зыӡбахәы ҳәоу амш азгәаҭареи Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш адгылареи амзызла.
Ауаажәлар ирдыруазар ҳҭахуп, Қырҭтәыла ахада имҩаҧылго егьырҭ еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа реиҧшҵәҟьа, ари ауснагӡатәгьы изакәызаалак ак ала аполитика иадҳәалам, иарбанызаалак аҵысра аҧҵара иазкым», — иануп Саломе Зурабишвили ладминистрациа аҳәамҭаҿы.