Қырҭтәыла ахада лаҵара 10 рзы аофициалтә визитла Аҩадатәи Македониа даҭаауеит
Қырҭтәыла ахада лаҵара 10 рзы аофициалтә визитла Аҩадатәи Македониа даҭаауеит.
Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәыла ахада Аҩадатәи Македониа иреиҳаӡоу анапхгаратә хаҿқәа дырҧылоит, урҭ иреиуп: атәыла ахада Стево Пендаровски, Амилаҭтә Ассамблеиа ахада Талат Джафери, акти авице-аҧыза Артан Груби. „Вила Водно“ ахан аҿы имҩаҧысуа Қырҭтәыла ахада лҧылара аофициалтә церемониа ашьҭахь, Аҩадатәи Македониа ахада иҟны ишиашо, иара убас, ирҭбаау аформатқәа рыла аиҧыларақәа мҩаҧысуеит.
Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа рхаҭарнакцәа, 2 доркументк рнапы рыҵарҩуеит – „Авизақәа ргара аҧхықәра аҟынтә ахақәиҭтәра иазку Қырҭтәылеи Аҩадатәи Македониеи реиҳабырақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭреи“ „Аҩадатәи Македониа ареспублика аҟны акультура аусхкы аҿы аусеицура иазку“ аиқәшаҳаҭреи.
Адокументқәа рнапаҵаҩра ашьҭахь, Қырҭтәыла ахадеи Аҩадатәи Македониа ахадеи апрессазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит. Иара убас, Қырҭтәыла ахада, Аҩадатәи Македониа аус зуа ақырҭуа спортсменцәеи акультура аусхкы ахаҭарнакцәеи дырҧылоит.
Қырҭтәыла ахада анапхгара ззылуа аофициалтә делегациа иалоуп: атәыла ахада лусмҩаҧгарҭа аиҳабы Наҭиа Сулава, Қырҭтәыла апарламент алахәыла, Аҩадатәи Македониаҟны аиҩызара агәыҧ анапхгаҩы Гиви Миқанаӡе, акультуреи аспорти аҿар русқәеи рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиани, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Вахтанг Махароблишвили, Аҩадатәи Македониа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭамар Лилуашвили, акультуреи аҵареи аҵарадырреи азҵаарақәа рзы атәыла ахада лыбжьагаҩ Константин Нацвлишвили, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу Европа адепартамент адиректор Нино Бараҭашвили.
Қырҭтәыла ахада Аҩадатәи Македониаҿы лофициалтә визит хыркәшахоит лаҵара 11 рзы.