Қырҭтәыла ахада Илиа Ҭоҧуриа Аҳаҭыртә орден ианалшьеит
Қырҭтәыла ахада Илиа Ҭоҧуриа Аҳаҭыртә орден ианалшьеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили аспорттә усзура азы UFC ақырҭуа чемпион Илиа Ҭоҧуриа Аҳаҭыртә орден ианалшьеит.

Илиа Ҭоԥуриа иажәақәа рыла, ари иара изы апату дууп.

Қырҭтәыла аҧыза-министри апарламент ахантәаҩи  UFC ачемпион Илиа Ҭоҧуриа Ахьӡ-аҧша аорден ианашьара аинициатива иқәдыргылеит.

Аҧыза-министр ипресс-маҵзура адыррала, Иракли Кобахиӡеи Шьалуа Папуашвилии, азакәан ала иазҧхьагәаҭоу апроцедура инақәыршәаны, иашьашәалоу ажәалагала ала Қырҭтәыла ахада илыдҵаалахьеит.

UFC ачемпион Илиа Ҭоҧуриа Қырҭтәыла аҧыза-министр иааҧхьарала Қырҭтәыла даҭааит хәажәкыра  18 рзы.