Қырҭтәыла ахада апарламентаҿ адепутатцәа рызҵаарақәа аҭак рылымҭеит
Қырҭтәыла ахада апарламентаҿ адепутатцәа рызҵаарақәа аҭак рылымҭеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лимпичмент азҵаара иахьахәаҧшуа апарламентаҿ адепутатцәа рызҵаарақәа аҭак рылымҭеит.

Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ишиҳәаз ала, атәыла ахада азҵаарақәа аҭак рыҭара лҭахым.

«Уаҳа азҵаарақәа сымам. Ҳаҭыр зқәу Саломе исзаалыцҳаит азҵаарақәа аҭак рыҭара шылҭахым», — иҳәеит Шьалуа  Папуашвили.