Қырҭтәыла ахада 15ҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рықәылхит
Қырҭтәыла ахада 15ҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рықәылхит

Қырҭтәыла ахада 15ҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рықәылхит, – ари аинформациа аланарҵәеит атәыла ахада ладминистрациа.

Аинформациа  ишану ала, ашьауҕа зқәырхыз рҟынтә жәҩык абахҭа иҭыҵит, урҭ ҩыџьа аҳәсагьы рылоуп.

Егьырҭ ирықәыз азыӡба аҿҳәара ирмаҷуп.