2025 шықәса инаркны Қырҭтәыла авиаџьармыкьаҿ „Бритиш Аервеис“ (British Airways) аусура иалагоит.
Қырҭтәыла аиҳаирбаҕәазақәа реидгыла аинформациа ишану ала, Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа реидгыла шықәсык иалагӡаны идуӡӡоу европатәи авиаеилахәырақәа руакы аҟны имҩаҧнагоз аиҿцәажәарақәа қәҿиарала ихыркәшоуп. Қырҭтәылеи Британиа Дуи раҳҭнықалақьқәа рыбжьара ишиашо ареисқәа мҩаҧгахоит.
2025 шықәса хәажәкыра 30 инаркны, Лондон-Қарҭ-Лондон ахырхарҭала ишиашо арегулиартә реис мҩаҧгахоит мчыбжьыкахь ҧшьынтә. Авиаеилахәыра авебдаҟьа www.ba.com аҿы абилеҭқәа рыҭира иалагахьеит.
„Бритиш Аервеис“ адунеи 65 атәылақәа рҿы 190 иреиҳаны ахырхарҭақәа рыла иҧыруеит. Авиаеилахәыра абаза хада Лондонтәи аҳаирбаҕәаза Ҳитроу аҿоуп иахьыҟоу, уи идуӡӡоу европатәи аҳаирбаҕәазақәа иреиуп.