Қырҭтәыла авиаџьармыкьаҿ аусура иалагоит  „Трансавиа Франс“
Қырҭтәыла авиаџьармыкьаҿ аусура иалагоит  „Трансавиа Франс“

2025 шықәса инаркны, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ европатәи даҽа авиаеилахәырак аусура иалагоит.

2025 шықәса мшаҧы 9 инаркны  „Трансавиа Франс“ (Transavia France), мчыбжьыкахь ҩынтә, Париж-Қарҭ-Париж ахырхарҭала ишиашо ареисқәа рымҩаҧгара иалагоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла.

Transavia France 2006 шықәсазы иаҧҵаз збиуџьет маҷу авиаеилахәыроуп. Авиаеилахәыра авебдаҟьаҿ абилеҭқәа рыҭира иалагахьеит.