Қырҭтәыла авиаџьармыкьаҿ аҧырра иалагоит збиуџьет маҷу 2 авиаеилахәырак - AJET-и Transavia-и
Қырҭтәыла авиаџьармыкьаҿ аҧырра иалагоит збиуџьет маҷу 2 авиаеилахәырак – AJET-и Transavia-и. Аҧыррақәа иалагоит 2024 шықәса ааҧынратә анавигациатә сезон инаркны.
Нидерландтәи авиаеилахәыра Transavia Амстердамынтә Қарҭҟа ареисқәа мҩаҧнагоит, аҭырқәа авиаеилахәыра AJET Стампыл-Қарҭ-Стампыл ахырхарҭала иҧыруеит.
Амстердам-Қарҭ-Амстердам ахырхарҭала ареисқәа мҩаҧгахоит 2024 шықәса мшаҧы 20 инаркны жьҭаара анҵәамҭанӡа, мчыбжьыкахь ҩынтә, ахашеи асабшеи рзы.
Авиаеилахәыра AJET Стампыл-Қарҭ-Стампыл ахырхарҭала иҧыруеит 2024 шықәса хәажәкыра 31 инаркны жьҭаара анҵәамҭанӡа, есымша.