Қырҭтәыла авакцинациа апрограмма арӷәӷәаразы, Адунеитә банк иацҵаны 34.5 миллион доллар алнахит
Қырҭтәыла авакцинациа апрограмма арӷәӷәаразы, Адунеитә банк иацҵаны 34.5 миллион доллар алнахит

Қырҭтәыла авакцинациа апрограмма арӷәӷәаразы, Адунеитә банк иацҵаны 34.5 миллион доллар алнахит. Ари атәы аарыцҳаит Адунеитә банк аҟынтә.

“Иахьа ишьақәҳарӷәӷәаз афинансркра хықәкы хадақәас амоуп Covid-19 авакцинациа алшара ауааԥсыра еиҟараны ирымазарц, Қырҭтәыла авакцинациа асистема арӷәӷәара, акоронавирус аҿагыларатә уснагӡатәқәа рышьақәарӷәӷәара. Адунеитә банк абри ала Қырҭтәыла Аиҳабыра рплан иманшәаланы анагӡара иадгылоит, аплан инақәыршәны, 2021 шықәсазы ауааԥсыра 60% акоронавирус азы алаҵақәа рзыҟарҵароуп,” – иануп Адунеитә банк аҳәамҭа аҿы.

Адунеитә банк аинформациа аҿы ишану ала, ҵыԥх COVID-19 аҿагылара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Адунеитә банк Қырҭтәыла ацхыраара азаанарԥшуан апандемиа иахылҵыз ашәарҭақәа рпревенциеи аҿагыларатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгареи рҿы.  Агәабзиарахьчара аминистра апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Адунеитә банк аҟынтә аиуит:  амедицинатә еибыҭара – ԥшьмиллион иреиҳаны PCR атестқәеи, антиген азы атест лассқәеи, DNA аекстракциазы аибыҭареи, 1000 иреиҳаны аҵәыҵәритә терапиазы аппаратқәеи, ареанимациатә цхыраарахы аиарҭақәеи аҵәыҵәритә хчқәеи, 11 миллион апенрсоналтә хархәагақәеи  уҳәа уб. егь.