Қырҭтәыла авакцина Pfizer алаҵа ҟарҵар рылшоит 16 шықәса зхыҵхьоу ауааҧсыра
Қырҭтәыла авакцина Pfizer алаҵа ҟарҵар рылшоит 16 шықәса зхыҵхьоу ауааҧсыра.
Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр «Covid-19 аҽыхьчаратә иммунизациа амҩаҧгара аҧҟарақәа рышьақәырҕәҕәара иазку» адҵа иашьашәалоу аҧсахрақәа алалгалеит.
Лымкаала, Қырҭтәыла авакцина Pfizer ҟарҵар рылшоит 16 шықәса еиҳаны зхыҵуа ауааҧсыра. Акурс наӡа ала иазҧхьагәаҭоуп 2 иниекциак, аҩбатәи адоза ҟаҵатәуп раҧхьатәи адоза анеҩс 21 мшы анҵлак ашьҭахь.
Адунеи аҿы 2 вакцина заҵәык — Pfizer-и Moderna-и mRNA атехнологиала иҟаҵоуп.