Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Евро-2024 аматчқәа рыхьчареи ршәарҭадареи рзы аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Евро-2024 аматчқәа рыхьчареи ршәарҭадареи рзы аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәит

Германтәыла Афедералтә Республика Аҩныҵҟатәи ауаажәларратәи усқәа рзы Афедералтә аминистрреи Афедералтә полициеи раԥшьгарала, Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга ақәгылара аан, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа УЕФА имҩаԥнагоз ашьапылампыл азы Евро-2024 аматчқәа рыхьчареи ршәарҭадареи рзы аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  аҟынтә.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, ақырҭуа закәанхьчаҩцәа германтәылатәи аполициа аусзуҩцәа ақырҭуа азгәыбылҩцәа рҟны аимадара аԥҵаразы аҳаирбаӷәазақәеи, авокзалқәеи рҿы ирыцхраауан .