Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апатрультә полициа автопарк дырҿыцит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Апатрультә полициа адепартемнт аиуит Renault-и Skoda-и даҽа 130 амашьына ҿыцқәа.
Апатрультә полициа адепартамент адиректор Важа Сираӡе амашьына ҿыцқәа ртехникатә ҟазшьардыргақәа гәеиҭеит.
Амашьына ҿыцқәа Қырҭтәыла еиуеиҧшым арегионқәа ирзыршоит.
Зыӡбахәы ҳәоу амашьынақәа рыхәҭак ашьхатә регионқәа рзы иазҧхьагәаҭоуп.
Аполициатә инфраструктуреи аибыҭареи рырҿыцреи реиҕьтәреи апроцесс наҟ-наҟгьы инагӡахоит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.