Қырҭтәыла, атранспорттә коммуникациақәеи амҩатә шәарҭадареи реиҕьтәра  азыҳәан,  Европатәи акомиссиа 16 миллион евро азалнахит
Қырҭтәыла, атранспорттә коммуникациақәеи амҩатә шәарҭадареи реиҕьтәра  азыҳәан,  Европатәи акомиссиа 16 миллион евро азалнахит

Агәыларатә политикеи арҭбаара азҵаарақәеи рзы еврокомиссар Оливер Варҳеии Европатәи Аинвестициатә банк ахада Вернер Ҳоиери  Еврокомиссиеи EIB-и рыбжьара  «алагаларақәа ирызку аиқәшаҳаҭра» рнапы аҵарҩит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоуп Еврокомиссиа ала  EIB аинвестициатә грант афинанстә адгылара, зыӡбахәы ҳәоу ацхыраара  16 миллион евро иаҟароуп, уи апроект  «Ақырҭуа атранспорттә коммуникациақәа  (GTC) — амҩатә шәарҭадара аиҕьтәра» анагӡара иазкуп.

Апроект хықәкыс иамоуп анеҩстәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла амҩа-атранспорттә аҳақәеи аинфраструктуреи аиҕьтәра, уи атәыла аекономикатә аҿиаразы аҵакы ду амоуп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла аиҳабыра  активла аус рыцыруеит.