Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Қырҭтәыла иҟоу Естониа ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани Қырҭтәыла иҟоу Естониа ацҳаражәҳәаҩ Рина Калиуранд дылҧылеит.
Атәылахьчара аминистрра адыррала, аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа атәылахьчара усхкы аҿы ҩ-тәылак русеицура иалацәажәеит.
«Иракли Чиқовани НАТО-Қырҭтәыла апакет наӡа (SNGP) анагӡараҿы Естониа иҟанаҵо алагала ду дахцәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан еиуеиҧшым аформатқәа рҿы қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәа рҽалархәра иазку апланқәеи арратә аҵара аусхкы аҿы аусеицуреи иазааҭгылеит», — иануп аминистрра аинформациаҿы.