Қырҭтәыла атәылауаҩра аиура иадҳәалоу аԥсахрақәа апарламент ааԥынтәи асессиа аҳәаақәа ирҭагәӡаны ирыхәаԥшуеит
Қырҭтәыла атәылауаҩра аиура иадҳәалоу аԥсахрақәа апарламент ааԥынтәи асессиа аҳәаақәа ирҭагәӡаны ирыхәаԥшуеит. Аиустициа аминистрра аус аднаулаз аԥсахрақәа иҳаҩсыз амчыбжь азы иаԥшьырган.
Азакәанпроект инақәыршәаны, атәылауаҩра змам ахаҿы, егьырҭ атәымтәылауаа иреиԥшымкәа, Қырҭтәыла атәылауаҩра иоуеит азакәан инақәыршәаны Қырҭтәыла хәышықәса анхара ашьҭахь. Апроект ала, атәылауаҩра аиуразы ахаҿы идыруазароуп аҳәынҭқарратә бызшәа, аҭоурыз, азин ихадароу ашьаҭақәа, уҳәа уб. егь.
Ари ада, азакәанпроект инақәышәаны, Қырҭтәыла атәылауаҩра анатурализациала аиура иазкә арзаҳал азы мап иоур, иашьашәалоу аорганқәа рахь адҵаалара аҿҳәара фымз рҟынҿа иҟьаҿхоит.