Қырҭтәыла атәылауаҩра аиҭашьақәыргыларазы арзаҳалқәа ралаҵара аҿҳәара ҩышықәса ацырҵеит
Қырҭтәыла атәылауаҩра аиҭашьақәыргыларазы арзаҳалқәа ралаҵара аҿҳәара ҩышықәса ацырҵеит

Қырҭтәыла атәылауаҩра аиҭашьақәыргыларазы арзаҳалқәа ралаҵара аҿҳәара ҩышықәса ацырҵеит. Иашьашәалоу аԥсахрақәа «Қырҭтәыла атәылауаҩра иазку» аоргантә закәан иалалоит. Ари аԥшьгара авторцәа роуп апарламенттә аиҳара алахәылацәа Беқа Одишариа, Михеил Сарџьвелаӡе, Алуда Ӷудушаури, Гиви Ҷиҷинаӡе.

Азакәанпроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла ԥасатәи атәылауааи, 2018 шықәса нанҳәа 15-нӡа даҽа тәылак атәылауаҩра аиура иахҟьаны Қырҭтәыла атәылауаҩра зцәыӡыз, атәылауаҩра аиҭашьақәыргылара иазку рырзаҳалқәа рзы аҭак змам атәылауаа, Қырҭтәыла атәылауаҩра аиҭашьақәыргыларазы арзаҳалқәа ралаҵара 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 инаркны 2024 шықәса ԥхынҷкәын 31-нӡа рылшоит.