Қырҭтәыла атәылауаа Венгриа закәанла аусура алагара рылшоит
Қырҭтәыла атәылауаа Венгриа закәанла аусура алагара рылшоит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, идефициту азанааҭ змоу Қырҭтәыла атәылауаа Венгриа закәанла аусура алагара рылшоит.

Венгри аиҳабыра рыӡбамҭа инақәыршәаны, Венгриа аамҭала аусура имарианы зылшо атәылақәа рсиы Қырҭтәыла аларҵеит.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, ари атәы еилкаахеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Будапешт ивизит аан.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили ишааицҳаз, Қырҭтәыла атәылауаа Венгриа закәанла аусура алагаразы имариоу амеханизм ашьаҭаркра даҽазнык шьақәнарӷәӷәоит ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа рыҩаӡара шҳараку.