Қырҭтәыла аштамм «Омикрон» 93 афактқәа аарҧшуп. Ари атәы ааицҳаит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡе.
Иара иажәақәа рыла, атәылаҿы алаҵа ҟазымҵацгьы акоронавирус зхызымгацгьы ауаа рацәоуп, дара ичмазаҩхар, амедицинатә сектор аҿы ауадаҩрақәа цәырҵыр ауеит.
«Атәылаҿы алаҵа ҟазымҵацгьы акоронавирус зхызымгацгьы миллионҩык раҟара иҟоуп. Иахьазы, инақәыршәаны, 10 наӡынак ачымазаҩцәа ахәышәтәырҭа рҭахуп, дара «Омикрон» ала ичмазаҩхо апациентцәагьы рыцлар, ахәышәтәырҭақәа рҿы ауадаҩрақәа цәырҵыр ауеит», — иҳәеит Паата Имнаӡе.