Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга Тирана  иаҭааит  #1TVSPORT
Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга Тирана  иаҭааит  #1TVSPORT

Иахьа шьыжьымҭан Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә Тиранаҟа иҧырит, уаҟа Амилаҭқәа рлига аҩбатәи аматч мҩаҧыргоит. Ақырҭуа аизга Албаниа аизга иаҿагылоит.

Иацы амилаҭтә аизга 4:1 ҳәа Чехиа аизга иаиааит.

Қырҭтәылеи Албаниеи реизгақәа еиҧылоит цәыббра 10 рзы, аматч иалагоит қарҭтәи аамҭала асааҭ  22:45 рзы. Ахәмарра ишиашо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы.