Қырҭтәыла апрокуратураҿ ишырҳәаз ала, дара Германтәылеи Бельгиеи акомпетенттә органқәа ирыдцаалт Зураб Адеишвили иаанкылареи Қырҭтәылаҟа иекстрадициеи азыҳәан
Қырҭтәыла апрокуратураҿ ишырҳәаз ала, дара Германтәылеи Бельгиеи акомпетенттә органқәа ирыдцаалт Зураб Адеишвили иаанкылареи Қырҭтәылаҟа иекстрадициеи азыҳәан

Қырҭтәыла апрокуратураҿ ишырҳәаз ала, дара Германтәылеи Бельгиеи акомпетенттә органқәа ирыдцаалт Зураб Адеишвили иаанкылареи Қырҭтәылаҟа иекстрадициеи азыҳәан.

Аусбарҭа адыррала, Қырҭтәыла апрокуратура, ахатә зинмчқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, азакәанла иазҧхьагәаҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы рхы иадырхәоит Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ ацәгьаура ҟазҵаз ахаҿқәа, уажәы иахьыҟоу аҭыҧ иахьыҧшымкәа,  ақырҭуа аиашаӡбара аҿаҧхьа рықәыргыларазы.

«Аконкреттә хҭыс иадҳәаланы, Қырҭтыла апрокуратура Германтәылеи Бельгиеи акомпетенттә органқәа ирыдцаалт Зураб Адеишвили иаанкылареи Қырҭтәылаҟа иекстрадициеи азыҳәан», — ирҳәеит апрокуратураҿы.

Хәажәкыра  6 рзы  Зураб Адеишвили,  Украина апрокурор хада дицны,  Бундестаг апленартә аилатәараҿ дыҟан. Хәажәкыра  7 рзы иара Еврокомиссиаҿгьы аиҧыларақәа мҩаҧигон.

Ари азҵаара иадҳәаланы, иахьа Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгылеи Германтәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа дырҧыланы, ақырҭуа аган рпозициа рзааирҧшит.

Иара убас,  иахьа Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәамҭа аладырҵәан,  ишазгәарҭаз ала,  Евроеидгылеи Германтәылеи Зураб Адеишвили идкылара афакт европатәи адемократиа азинтә ҳәынҭқарра аидеиа иазгәыкуп ҳәа иҟоу агәаанагара иҵнашәаауеит.