Қырҭтәылa Аҧсабарахьчареи aқыҭaнхaмҩеи рминистрра апластиктә маҭәахәқәак рхархәара ақәиҭымтәра иазку адырра аланарҵәоит
Қырҭтәылa Аҧсабарахьчареи aқыҭaнхaмҩеи рминистрра апластиктә маҭәахәқәак рхархәара ақәиҭымтәра иазку адырра аланарҵәоит

Қырҭтәылa Аҧсабарахьчареи aқыҭaнхaмҩеи рминистрра ажьырныҳәа акы инаркны  апластиктә маҭәахәқәак рхархәара ақәиҭымтәра иазку адырра аланарҵәоит.

Аинформациаҿ ишану ала, 2026 шықәса ажыьрынҳәа 1 инаркны амч зауа аԥсахрақәа рыла, ачыс иадҳәалоу апластикатә маҭәахәқәа рхархәара ҟалом.

Апластмасса иалху амҳаҵәқәеи ачқьыԥқәеи, аҳәызбақәеи, аҵәцақәеи, ачанахқәеи, EPS иалху аконтеинерқәеи, рыхҩақәеи рхархәара, римпорт, рҭира ҟалом.