Қырҭтәыла аҧыза-министр Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Украина иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы Дмитро Разумков диҧылеит.
Украина Иреиҳаӡоу Рада аҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун ҩ-тәылак рстратегиатә партниорра аусхәаҧштә иаҵанакәа азҵаарақәеи, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи.

Ишазгәаҭаз алаҩтәылак рыбжьара аиҩызаратә аизыҟазашьақәеи азеиҧш ҽазышәарақәеи рышьаҭала, иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аполитикатә диалог мҩаҧысуеит, атәылақәа апартниорра ҕәҕәа рыбжьоуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Украинеи рзакәанҧҵаратә органқәа рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура иалацәажәан, даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит абарҭ аизыҟазааашьақәа иҵегьы рырҕәҕәареи рырҭбаареи ишазыхиоу. 
Аганқәа рхаҭарнакцәа ЕАРи, Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаареи, Европатәи Ахеилаки рҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәылеи Украинеи русеицуреи реидгылареи  ибзианы иахцәажәан, иаҵшьны иазгәарҭеит ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьа ишынагӡахо.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы изышьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло, насгьы, Дмитро Разумков ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.
Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании, атәылахьчара аминистр Джуаншер Бурҷулаӡеи, Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭеимураз Шарашениӡе.

Аиҧылаара ашьҭахь, Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы Қырҭтәыла аҧыза-министри Қырҭтәыла аделегациа алахәылацәеи аилатәаратә зал дирбеит.