Қырҭтәыла аҧыза-министр  Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр  - Никол Ҧашиниан диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр  - Никол Ҧашиниан диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр  – Никол Ҧашиниан диҧылеит. 

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәеи, наҟ-наҟ аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан „Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум” аҵакы. Ишазгәаҭаз ала, афорумаҿ имҩаҧысуа адискуссиақәа ҳаҧхьаҟа аусеицуразы ашьаҭа ҕәҕәа аҧырҵоит. Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионалтә усеицура азҵаарақәагьы ирзааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи адгылара ахымҧадара. Аиҧылара алахәылацәа аекономикатә усеицура иаҵанакәа азҵаарақәагьы ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратәи аекономикатәи аимадарақәа рырҭбаара аҵакы. 

Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр Никол Ҧашиниан Қырҭтәыла даҭааит  „Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум” аҳәаақәа ирҭагӡаны.